ихадоу /სამინისტრო/АҴАРЕИ АКУЛЬТУРЕИ РМИНИСТРРА/ихадоу
АҴАРЕИ АКУЛЬТУРЕИ РМИНИСТРРА

адырра ҿыцқәа

Аԥснытәи Автономтә Республика анапхгара ахантәаҩы Леван Мгалоблишвили Аԥснытәи аҵареи акультуреи рминистр Беқа Гвачлиани дрыцны Виктор Санеев ихьӡ зху астипендиа Аԥснынтәи аамҭала ихҵәаз, еиуеиԥшым аспорттә ҟазара змоу аспортсмен ҿарацәа иранашьан.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны 10-ҩык аспортсменцәа аҳамҭақәа ранашьан.

Астипендиа змоу есымза аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахоит, урҭ рыспорттә кариера аҿиараҿы ацхыраара рнаҭоит.

Аусмҩаԥгатә аҿы Виктор Санеев ирҿиара дыргәаладыршәеит, Қырҭтәылатәи аспорт аҿиараҿы иҟаиҵаз алагалақәеи ибзиабарақәеи ирылацәажәеит.

Аусмҩаԥгатә Аԥснытәи Автономтә Республика анапхгара ацхыраарала, Аԥснытәи аҵареи акультуреи рминистрра еиҿнакааит, аамҭала Аԥсны иалҵыз, мамзаргьы Аԥснытәи Автономтә Республика ахьӡала аицлабрақәа ирылахәу аспортсмен ҿарацәа рыцхыраареи ргәазҭаҵареи хықәкыс иамаоуп.

Виктор Санеев ихьӡ зху астипендиа Аԥснытәи аспортсмен ҿарацәа, аицлабрақәа рымҩаԥысра ашықәси иҳаҩсыз аспорттә сезони ирылагӡаны аолимпиатә еиԥш, иара убас иаолимпиатәым аспорт хкқәа рҿы ишьақәырӷәӷәоу аихьӡарақәа аазырԥшыз аспортсмен ҿарацәа роуп.

Валери Арқаниа ихьӡ зху артџгалереа аҟны ашәҟәы – „Аҧсуа аристократцәа аимеграциа ҟны“ аӡыргара мҩаҧысит. Ашәҟәы ҭнажьит Аҧснытәи акультуреи, аҟазареи ацентр.

Ашәҟәы адокументтә маҭахәқәа рыла еиқәыршәоуп, 1921ш. Урыстәыла Қырҭтәыла аокупациеи, ампыҵахалареи аназнауы, иқәҵны ацара Европаҟа изықәшәаз аҧсуа аристократцәа ирызкуп.

Ашәҟәы аҟны иаарҧшу аҧсуаа зегьы рынасыҧ цәгьа амшала еиуеиҧшымз атәылақәа рахь инанагаз роуп, ашәҟәы аҟны иааркьаҿны иаарҧшуп арҭ ауаа рыҧсҭазаареи, русуреи иазку ахҭысқәа.

Ашәҟәы аҟны иаарҧшуп Ачбааи, Чачбааи, Маршьаниааи, Чхотуааи рыжәла , Аҧсны ақәҵра зықәшәаз ауаа рҭаацәареи дареи атәым тәылақәа рыҟны рыҧсҭазаара , насгьы урҭ зегьы Аҧсны шырхамшҭыз , ирымаз абзиабара , ашәҟәы аҟны даараӡа ирҵаауланы иаарҧшуп.

Аӡыргара инақәыршәаны имҩаҧган афотоқәа рцәыргақәҵа. Араҟа иаарҧшын аҧсуа аристократцәа рҭаацәара.